Украинатәи амедиа адыррақәа рыла, иаха Киев, Подолтәи араионаҿ, аурыс ракета жә-еихагылак змоу акорпус иақәҳаит, жәҩык ҭахеит, 46ҩык ахәрақәа роуит
Украинатәи амедиа адыррақәа рыла, иаха Киев, Подолтәи араионаҿ, аурыс ракета жә-еихагылак змоу акорпус иақәҳаит, жәҩык ҭахеит, 46ҩык ахәрақәа роуит. Ахәрақәа зауз ахәыҷқәагьы рылоуп. Украинатәи амедиа ари аинформациа аланарҵәеит Киев ахада идыррақәа рышьаҭала.
Витали Кличко иҳәамҭала, ахыжәжәарақәа рыҵаҟа уажәгьы ауаа иҟоуп.