Украинатәи амедиа адыррала, иаха аурыс арбџьармчқәа Киеви Киевтәи аокругқәеи иажәылеит
Украинатәи амедиа адыррала, иаха аурыс арбџьармчқәа Киеви Киевтәи аокругқәеи иажәылеит

Иаха аурыс арбџьармчқәа Киеви, Лимани, Баҳмути, Авдеевкеи, Маринкеи аракетақәа рыларыжьит, – ари аинформациа аланарҵәеит украинатәи амедиа.

Украинатәи арбџьармчқәа рдыррала, иаха Украина ахырхарҭала идәықәҵан Иран иҟаҵаз  36 цыра аҧырҩы дызмам аҧырратә аппаратқәа  „Шаҳид“. Украинаа урҭ рызынтәгьы иқәырхит.

Баҳмути Маринкеи уажәгьы ақәҧара инагӡоит.

Киев арратә администрациа анапхгаҩы Сергеи Попков ишиҳәаз ала, Украина арбџьармчқәа аҧырратә аппаратқәа зегьы рықәхра рылшеит. Иара иажәақәа рыла, Киев ажәылара х-сааҭк инагӡон.