Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, аурыс ампыҵахалаҩцәа Херсонтәи ахшараиурҭа абомбақәа ақәрыжьит
Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, аурыс ампыҵахалаҩцәа Херсонтәи ахшараиурҭа абомбақәа ақәрыжьит

Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, аурыс ампыҵахалаҩцәа Херсонтәи ахшараиурҭа абомбақәа ақәрыжьит. Ажәылараан ахәрақәа зауз рацәаҩуп.

Иашьашәалоу ианформациа украинатәи аихқәа Украина ахада иофис анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Кирилл Тимошенко иҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны аладырҵәеит.

„Аурыс ампыҵахалаҩцәа иахьа ҩыџьа асабицәа ахьииз Херсонтәи ахшараиурҭа абомбақәа ақәрыжьит. Аҳақьымцәа акесаррҟьара аҟаҵара иахьӡеит. Ахшараиурҭаҿ зцәазтәым хәҩык аҳәса шьҭоуп!” – ааицҳаит Тимошенко.