Украинатәи аган рдыррақәа рыла урыстәылатәи адронқәа рыла Харьков ажәылараан ҩыџьа ҭахеит, 27ҩык ахәрақәа роуит
Украинатәи аган рдыррақәа рыла урыстәылатәи адронқәа рыла Харьков ажәылараан ҩыџьа ҭахеит, 27ҩык ахәрақәа роуит

Украинатәи аган рдыррақәа рыла урыстәылатәи адронқәа рыла Харьков ажәылараан ҩыџьа ҭахеит, 27ҩык ахәрақәа роуит. Ахәрақәа зауз иреиуп 5 шықәса инаркны  17 шықәсанӡа зхыҵуа хәҩык ахәыҷқәа.

Ари атәы аарыцҳаит Харьковтәи атәылаҿацәтә аҳәынҭқарратә администрациа анапхгаҩы  Олег Синегубови Харьков ахада  Игорь Терехови.

Аҧхасҭа зауз аобиектқәа иреиуп ахәаахәҭратә центри, аихагыла рацәа змоу анхарҭатә корпусқәеи, амедицинатә усбарҭақәеи, аофистә хыбрақәеи.