Украинаҿ даҽа қырҭуа аибашьҩык дҭахеит
Украинаҿ даҽа қырҭуа аибашьҩык дҭахеит

Украинаҿ даҽа қырҭуа аибашьҩык дҭахеит – 30 шықәса зхыҵуа Миша Мазанашвили иацы Бахмут ааигәара дҭахеит. Ари аинформациа шьақәрӷәӷәеит Украина иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ. Ауацәа рдыррақәа рыла, Миша Мазанашвили Урыстәыла Украина иалалеижьҭеи деиабшьуан.

2022 шықәса жәабран 24 инркны Украина иҭахеит 38-ҩык ақырҭуа аибашьҩцәа.