Украина ргәы ишаанаго ала, 2024-2025 шықәсқәа рзы даҽа 400 нызқьҩык атәылауаа Украина иқәҵуеит
Украина Амилаҭтә банк азҧхьагәаҭарақәа инрықәыршәаны, иҵегьы имаҷымкәа атәылауаа Украина иқәҵуеит.
Ари аинформациа аладырҵәеит украинатәи АИХқәа.
Аинформациа ишану ала, 2024-2025 шықәсқәа рзы даҽа 400 нызқьҩык атәылауаа Украина иқәҵуеит.
Атәыла иқәҵыр зҭаху ауааҧсыра рхыҧхьаӡара ацлоит Украина ирбгоу аенергосистема амшала. Ауаа акыраамҭа иалагӡаны афымца рымам, аӡынразы арҧхагатә системада иаанхар ауеит.