Украина иҭахеит даҽа ҩыџьа ақырҭуа еибашьҩцәа. Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, Бахмут аҟны ақырҭуа аибашьцәа рҭахара шьақәнарӷәӷәеит Украина иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара.
“Бахмут аҟны ҩыџьа ақырҭуа аибашьцәа рҭахара шьақәнарӷәӷәеит Украина иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара. Имҩаԥысуеит иашьашәалоу апроцедурақәа”, – аарыцҳаит аминистрра аҟынтә.