Украина иҭахаз ҩыџьа ақырҭуа аибашьцәа рыԥсыбаҩқәа рыԥсадгьыл ахь ааргеит
Украина иҭахаз ҩыџьа ақырҭуа аибашьцәа рыԥсыбаҩқәа рыԥсадгьыл ахь ааргеит

Украина иҭахаз ҩыџьа ақырҭуа аибашьцәа  – Малхаз Квижинаӡеи Џьони Одишвилии рыԥсыбаҩқәа рыԥсадгьыл ахь ааргеит.

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ афырхаҵа иуацәеи иҩызцәеи еизеит.

Аибашьцәа рашәара 25 рзы ҭахеит.

Џьони Одишвилии Гортәи амунициплитет ақыҭа Тҟвиави дынхон, уи 2008 шықәсазы иҟазы Қырҭтәыла-Урыстәылатәи аибашьра далахәын. Одишвили Бахмут ааигәара амина аԥҽыхақәа иаахеит.

Малхаз Квижинаӡе Сичанск ааигәара дҭахеит.