Украина иҭахаз ақырҭуа еибашьҩы Михеил Мазанашвили иҧсыбаҩ Қырҭтәылаҟа иааргеит
Украина иҭахаз ақырҭуа еибашьҩы Михеил Мазанашвили иҧсыбаҩ Қырҭтәылаҟа иааргеит

Украина иҭахаз ақырҭуа еибашьҩы Михеил Мазанашвили иҧсыбаҩ Қырҭтәылаҟа иааргеит. Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ иҟан иҧсыз иуацәеи, иҩызцәеи, аполитикцәеи, атәылауаҩратә активистцәеи.

29 шықәса зхыҵуаз Михеил Мазанашвили Украина, Баҳмуҭ ааигәара ақәԥараан дҭахеит. Иҭаацәара алахәылацәа рдыррақәа рыла, уи кыршықәса Қырҭтәыла арбжьармчқәа рҿы аус иуан, Украинаҟа  шықәсык деибашьуан.

Украина иҭахаз ақырҭуа еибашьҩы Қарҭ, Самеба аныхабаа ашҭаҿ иҟоу ауахәама хәыҷы аҟны дыкҿарҵоит, ашьҭахь Гори амуниципалитет Зерти ақыҭахь анышә дарҭоит.