Украина иҭахаз ақырҭу́а аибашьҩы Зақариа Шубиҭиӡе иԥсыбаҩ аԥсадгьыл ашҟа ааргеит
Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьҩы Зақариа Шубиҭиӡе иԥсыбаҩ аԥсадгьыл ашҟа ааргеит. Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ иҭахаз аибашьҩы иԥсыбаҩ иуацәеи иҩызцәеи иаԥылеит.
Шубиҭиӡе иҩыза иажәақәа рыла, ақырҭуа аибашьҩы “ақырҭуа легион” далан, уи ақәԥараан дырхәит.
Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Зақариа Шубиҭиӡе Донецктәи аобласт иаҵанакуа аиланхарҭа Нескучное ааигәара дықәԥон.