Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьҩы Иракли Қурцикиӡе иԥсыбаҩ аԥсадгьыл ашҟа иааргеит
Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьҩы Иракли Қурцикиӡе иԥсыбаҩ аԥсадгьыл ашҟа иааргеит

Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьҩы, 25 шықәса зхыҵуаз Иракли Қурцикиӡе иԥсыбаҩ аԥсадгьыл ашҟа иааргеит.

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ афырхаҵа иуацәеи иҩызцәеи еизеит.

Иракли Қурцикиӡе Украина деибашьуан 2022 шықәса инаркны дықәԥон, уи арратә тежника аԥжәараан дҭахеит.

2022 шықәса инаркны, Украина аибашьра иалагеижьҭеи иҭахеит 50-ҩык иреиҳаны ақырҭуа аибашьцәа.

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазантә Иракли Қурцикиӡе иԥсыбаҩ Руставҟа иргеит, уи анышә амҽышаҽны дарҭоит.