Украина даҽа ақырҭуа еибашьҩык дҭахеит
Украина даҽа ақырҭуа еибашьҩык дҭахеит

Украина даҽа ақырҭуа еибашьҩык дҭахеит. Ари аинформациа аладырҵәеит Украина еибашьуа  ақырҭуа ақәҧаҩцәа.

Дара ишаарыцҳаз ала, Гьаргь Нарманиа дҭахеит Бахмут ааигәара иҟалаз аиҿагылараан.

Аибашьра ианалага инаркны урыстәылатәи агрессиа иалаӡит 37ҩык ақырҭуа ақәҧаҩцәа.