Украина даҽа ақырҭуа еибашьҩык дҭахеит
Украина даҽа ақырҭуа еибашьҩык дҭахеит

Украина даҽа ақырҭуа еибашьҩык,  47 шықәса зхыҵуаз  Каха Гоголь дҭахеит.

Аибашьра ианалага, ҩымчыбжь рышьҭахь иара Украинаҟа ддәықәлан, Лугансктәи атәылаҿацәаҿ деибашьуан.

Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла,  Каха Гоголь дҭахеит ҧхынгәы  10 рзы, урыстәылатәи аҳаиртә аахара аан.

Украина иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ақырҭуа аибашьҩы иҭахара афакт шьақәирҕәҕәеит.

Украина имҩаҧысуа урыстәылатәи агрессиа амшала иҧсхьеит  17ҩык ақырҭуа аибашьцәа.