Украина авице-аҧыза – Вильниустәи асаммитаҿ атәыла НАТО алаларазы ааҧхьара амоур,  Украина  "ахатә стратегиа аиҭахәаҧшра ақәшәоит"
Украина авице-аҧыза – Вильниустәи асаммитаҿ атәыла НАТО алаларазы ааҧхьара амоур,  Украина  "ахатә стратегиа аиҭахәаҧшра ақәшәоит"

«Вильниустәи асаммитаҿ атәыла НАТО алаларазы ааҧхьара амоур,  Украина  “ахатә стратегиа аиҭахәаҧшра ақәшәоит”», — илҳәеит  Украина европатәи евроатлантикатәи интеграциа азҵаарақәа рзы авице-аҧыза  Ольга Стефанишина украинатәи АИХқәа ирылҭаз аинтервиу аҿы.

Стефанишина  ишылҳәаз ала, Вильниус ирыдыркыло аконкреттә аӡбарақәа еиуеиҧшым апроцессқәа рхылҵуеит, астратегиатә апланшьҭыхреи, ашәарҭадареи ахыхьчареи  аусхкы атрансформациеи, иара убас, аидгылаҩцәа реизыҟазаашьақәа рҿы априоритетқәа рҳәаақәҵареи.

«Украина  НАТО иалалар  –  ашәарҭадара агарантиақәа иаҳа иҕәҕәахоит, уи адагьы, аибашьраан Украина иацхраауаз алидерцәа зегьы  рполитикатә ҭакҧхықәра иаҳа имаҷхоит, уи ибзиаӡаны еилаҳкаауеит, убри аҟынтә,  адискуссиақәа раан Урыстәыла иадҳәаланы  аргументқәа анцәырырго, уи даараӡа  ҳаргәамҵуеит», – илҳәеит  Стефанишина.

Иара убас, Ольга Стефанишина ишылҳәаз ала, Вильниустәи асаммитаҿ ирыдыркыло аӡбара иахьыҧшымкәа, Украина, уезгьы НАТО иалалап ҳәа дгәыҕуеит.

Авице-аҧыза ишазгәалҭаз ала, ахада Зеленски асаммитахь дцоу дымцоу макьана иӡбам.