Украина атәылахьчара аминистр Церовани иҟоу Аруаа реиҭашьақәыргылара ацентр даҭааит
Украина атәылахьчара аминистр Церовани иҟоу Аруаа реиҭашьақәыргылара ацентр даҭааит

Украина атәылахьчара аминистр Андреи Таран Церовани иҟоу Аруаа реиҭашьақәыргылара ацентр даҭааит.  Аминистр иҧылеит Асоциалтә усқәеи аҧсихологиатә адгылареи рзы адепартамент ахаҭарнакцәа.

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа инақәыршәаны, Украина атәылахьчара аминистри аделегациа алахәылацәеи Америка ацхыраара ала иргылаз ацентр аинфраструктура рбеит.

Убри анеҩс, Андреи Таран, аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Лела Чиқовании Атәылахьчаратә мчқәа рҧыза ихаҭыҧуаҩ, абригадатә аинрал  Иракли Ҷиҷинаӡеи, Украина атәылахьчара аусхкы аҿы ҩганктәи аусеицураҿы алагала ду азы,  Украина Атәылахьчара аминистрра аҳаҭыртә медал ранеишьеит.