Украина ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнак ишааицҳаз ала, ацҳаражәҳәаҩ Игорь Долгов Қырҭтәыла дыҟоуп, уажәы иара Украина анапхгара рҟны аконсультациақәа мҩаҧигоит
Украина ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнак ишааицҳаз ала, ацҳаражәҳәаҩ Игорь Долгов Қырҭтәыла дыҟоуп, уажәы иара Украина анапхгара рҟны аконсультациақәа мҩаҧигоит

Украина ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнак Андреи Касанов  ишааицҳаз ала, ацҳаражәҳәаҩ Игорь Долгов Қырҭтәыла дыҟоуп, уажәы иара Украина анапхгара рҟны аконсультациақәа мҩаҧигоит

Иахьатәи апресс-конференциаҿы  Андреи Касанов ишиҳәаз ала, ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа рынагӡара алагара даназхиазаауа, Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәарҭа Қырҭтәыла анапхгара адырра рырҭоит.

«Уажәы ацҳаражәҳәаҩ Игорь Долгов аконсультациақәа мҩаҧигоит. Иара Қырҭтәыла дыҟоуп, Украина анапхгара рҟны аконсультациақәа мҩаҧигоит. Ҧасатәи абрифинг аҿы ишызҳәаз еиҧш, иахьагьы еиҭасҳәоит ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа рынагӡара алагара даназхиазаауа, Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәарҭа Қырҭтәыла анапхгара адырра шрырҭо», — иҳәеит  Касанов.