Украина Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ - Украинатәи аракетақәа ацәҟьара ақәхра рылшоит 1000-1500 километр абжьазаараҿы
Украина Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Алексеи Данилов иҳәамҭала, украинатәи аракетақәа ацәҟьара ақәхра рылшоит 1000-1500 километр абжьазаараҿы. Иара ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина арадио аинтервиу аҿы.
«Урыстәылатәи афедерациаҿы ахархәара змоу абџьар Украиноуп иахьыҟаҵоу. Ҳара ҩ-хырхарҭак рыла аус аауеит. Урҭ роуп 2020 шықәсазы ишьақәырҕәҕәаз аракетатә программеи, иара убас, уажәы ҳтәылаҿ активла аҿиара иаҿу адронқәа рааглыхреи, ари апроцесс иалахәып хазхаҭалатәи аилахәырақәа рацәа», — иҳәеит Данилов.
Иара иажәақәа рыла, «абри зегьы алҵшәа бзиа ахылҵуеит», избанзар, украинатәи арбџьармчқәа 1000-1500 километр абжьазаараҿы ацәҟьара ақәхра рылшоит. Иара убас, украинатәи ачынуаҩ ишиҳәаз ала, Киев Урыстәыла арратә обиектқәа мацара иржәылоит.
«Ҳара азауадқәеи арра-ааглыхратә обиектқәеи ҳаржәылоит, арҭ акомпонентқәа ҳхәыҷқәа рышьра иаҿуп. Ҳара уи аҵыхәа ҧаҳҵәароуп», — иҳәеит Данилов.