Украина апрокурор хада - Аибашьра иалагеижьҭеи иахьанӡа иҭахеит 79-ҩык ахәыҷқәа, 100-ҩык иреиҳаны ахәрақәа роуит
Украина апрокуратура хада аинформациала, аибашьра иалагеижьҭеи иахьанӡа иҭахеит 79-ҩык ахәыҷқәа, 100-ҩык иреиҳаны ахәрақәа роуит.
Аусҳәарҭа адыррақәа рыла, зегь реиҳа аԥсыҭбарақәа рацәоуп Киеви, Харкови, Сумыи, Херсони, Житомири. Апрокуратура аҟынтә ишаарыцҳаз ала, ари иҵыхәтәантәим дыррақәа роуп.
Апрокуратура аҳәамҭаҿ ишану ала, иахьатәи адыррақәа рыла, 280 аҵараиурҭақәа ирбгоуп, иара убас ирбгоуп ахәыҷтә хәышәтәырҭақәа 10.