Украина адәныҟатәи аусҳәарҭа - Урыстәла импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион аҟны ахадарахь алхрақәа ахьымҩаԥнаго ҳаҿагылоит
Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәлатәи Афедерациа Қырҭтәыла импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион/Аахыҵ Уаԥстәыла аҟны ахадарахь алхрақәа ахьымҩаԥнаго иаҿагылоит, – иануп Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа аҿы.
Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу, изакәаным “алхрақәа Урыстәыла ала Қырҭтәыла асеверентә ҵакырадгьыл ахәҭа ампыҵахалара алегитимациа ауп, ари жәларбжьаратәи зин иаҿагылоит, азинтә лҵшәақәа амам.
Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа аҿы ишану ала, Урыстәыла ар Украина ажәылара анынанагӡо аамҭазы, Урыстәыла ала импыҵахалоу Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҿы алхрақәа рымҩаԥгара, Амшын Еиқәа ашәарҭадара арцәгьар, Қырҭтәыла аганахьала агрессиа ҿыц алагала мзызны иҟалар ҟалоит.
„Украина Қырттәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи рыдгылоит, Урыстәыла 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы агаз ахыдҵақәа нанагӡароуп, Аԥсни Цхинвалтәи арегион/Аахыҵ Уаԥстәылеи, иара убас аамҭала импыҵахалоу Луганскии Донецкии рызхаҵара мап ацәнакроуп. Урыстәыла аганахьала алагалоу асанкциақәа, арҭ асанкциақәа рыхьчара Қырҭтәылеи Украинеи ртерриториақәа ракзаара аиҭашьақәыргылараҿ ирыцхраауеит”, – иануп аҳәамҭа аҿы.