Украина адәныҟатәи аусҳәаҭа - Украина Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи рыдгылоит, Урыстәыла Қырҭтәылеи Украинеи ртерриториақәа рдеоккупациа мҩаԥнагароуп
Урыстәыла Қырҭтәылеи Украинеи ртерриториақәа рдеоккупациа мҩаԥнагароуп, аурыс аррат ацгьауцәа ахьырхәра рыҭатәуп, – иануп Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа аҿы.
“Нанҳәа 7 рзы 14 шықәса ҵит Қырҭтәыла аганахьала Урыстәылатәи Афедерациа арратә ацәгьаура ҟнаҵеижьҭеи. Адекадеибжаки рышьҭахь Урыстәыла Қырҭтәыла аганахьала ампыҵахаларатә политика амҩаԥгара нанагӡоит, импыҵахалоу Аԥсни Цхинвалтәи арегион/Аахыҵ Уаԥстәыла ауаҩытәыҩа изинқәа еиланагоит. Украина Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи рыдгылоит. Қырҭтәыла аганахьала имҩаԥнагаз агрессиа адунеи ауаажәларра рызхаҵара ашьҭахь, 2014 шықәсазы Урыстәыла ампыҵахаларатә политика нанагӡеит – Украина, Ҟрыманнексиа азуун, Донецктәии Лугансктәи аоеругқәа рыхәҭа ампыҵахлара мҩаԥнагеит, 2022 шықәса жәбран 24 рзы Украина зымҽхак ҭбаау аибашьра иалагеит.
Жәларбжьаратәи ауаажәларра акзаара ала Урыстәылатәи Афедерациа агрессиатә политика аанкылара шҳалшо агәра ҳгоит, Урыстәыла Қырҭтәылеи Украинеи ртерриториақәа рдеоккупациа мҩаԥнагароуп, аурыс аррат ацгьауцәа ахьырхәра рыҭатәуп, – иануп аҳәамҭа аҿы.