Украина адгыларатә резолиуциа атекст Қырҭтәыла апарламент аҿы иахьа ашәҟәы ҭаргалоит
Украина адгыларатә резолиуциа атекст Қырҭтәыла апарламент аҿы иахьа ашәҟәы ҭаргалоит

Апарламенттә аиҳара алахәыла  Мамука Мдинараӡе ишиҳәаз ала, Украина адгыларатә резолиуциа атекст Қырҭтәыла апарламент аҿы иахьа ашәҟәы ҭаргалоит.

Мамука Мдинараӡе иҳәамҭала,  аиҳареи аоппозициеи арезолиуциа атекст азы еиқәшаҳаҭхар, азеиҧш резолиуциа ашәҟәы иҭаргалоит, изеиқәшаҳаҭымхар, апарламенттә аиҳара дара рвариант ашәҟәы иҭаргалоит.

«Ҳара Украина ахьыҧшымра ҳадгылоит. Ҳәарада,  иарбанызаалак тәылак даҽа тәылак изаднацалом ари ма ани алианс алалара. Аконституциа иану апринципқәа реиҭахәаҧшра шыҟамло еилкаауп. Иахьа азеиҧш принципқәа рзы ҳаиқәшаҳаҭхеит. Аха адетальқәагьы иҟоуп, урҭ рзгьы ҳаиқәшаҳаҭхап ҳәа сгәыҕуеит.

Қырҭтәыла апарламент арегламент инақәырәшаны, иахьа амш анҵәамҭанӡа арезолиуциа ашәҟәы иҭаагалароуп. Атекст азы ҳаиқәшаҳаҭхар, азеиҧш резолиуциа ашәҟәы иҭаагалоит, ҳзеиқәшаҳаҭымхар, ҳара ҳвариант ашәҟәы иҭаагалоит», — иҳәеит Мамука Мдинараӡе.

Иахьа Қырҭтәыла апарламент аҿы аиҳареи аоппозициеи Украина адгыларатә резолиуциа атекст иадҳәаланы аконсультациақәа мҩаҧыргеит.