Украина аԥыза-министр Денис Шмыгаль инапынҵақәа шьҭеиҵеит

Украина аԥыза-министр Денис Шмыгаль инапынҵақәа шьҭеиҵеит. Шмыгаль ари атәы “Телеграм” аканал аҿы ааицҳаит.

“Афронт аҿы иқәпо, Украина зыхьчо ҳахьчаҩцәа иҭабуп ҳәа расҳәоит. Агәрагаразы иҭабуп ҳәа иасҳәоит Украина ахада Володимир Зеленски. Аџьаба ду азы ҳгәыԥ иҭабуп ҳәа асҳәоит. Нагӡара ақәзааит Украина”, – иҩит Денис Шмыгаль.

Ԥхынгәы 15 рзы Украина ахада Володимир Зеленски аԥыза-министр иҭыԥ ахь Иулиа Свириденко лкандидатура иқәыиргылеит. Свириденко вице-аԥыза иҭыԥ аанылкылоилт. Денис Шмыгаль Атәылахьчара аминистр иҭыԥ ааникылар ҟалап, уажәтәи Атәылахьчара аминистр Рустем Умеров ЕАШ рҿы Украина ацҳаражәҳәаҩс дрышьҭуеит.