Украина аԥшыхәратә усбарҭа хада Словакиа аԥыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭа иаҭакны - Аусҳәарҭа аилазаашьаҿ "Ақырҭуа милаҭтә легион" ҳәа зыхьӡу агәыԥ иҟам
Словакиа аԥыза-министр Роберт Фицо “Ақырҭуа легион” ҳәа зыхьӡу агәыԥ алахәылацәа Словакциа имҩаԥысуаз аҿагыларақәа рҽалархәра ирхараиҵеит.
Украина аԥшыхәратә усбарҭа хада ари аҳәамҭа иаҭакны ишаанацҳаз ада, Аусҳәарҭа аилазаашьаҿ “Ақырҭуа милаҭтә легион” ҳәа зыхьӡу агәыԥ иҟам
“Украина Атәылахьчара аминистрра иаҵанакуа аԥшыхәратә усбарҭа хада аофициалла аанацҳауеит аусҳәарҭа аилазаашьаҿ “Ақырҭуа милаҭтә легион” ҳәа зыхьӡу агәыԥ шыҟам”, – иануп аҳәамҭа аҿы.
Украина аԥшыхәратә усбарҭа хада аҳәамҭаҿ ишану ала, европатәи атәылақәа рҿы аҭагылазаашьа арцәгьара хықәкыс измоу агибридтә, иара убас аинформациатә операциақәа, Украиназы ашәарҭа ду аадырԥшуеит.
Украина аԥшыхәратә усбарҭа хада аҳәамҭаҿ ишану ала, “Ақырҭуа легион” афронт аҿы ақәԥара цәгьақәа ирылахәу амилаҭрацәа аоперативтә гәыԥ ауп, уи Евроеидгыла аҵакыраҿ иарбанзаалак алибридтә уснагӡатәқәа ирылахәым, акомандир Мамука Мамулашвили украинатәи аԥшыхәратә маҵзура дадҳәалам, аусҳәарҭа аҟынтә иарбанзаалак адҵақәа иоуӡом.