УЕФА аклубтә реитинг ала, Қырҭтәыла 49-тәи аҭыԥ ааннакылоит
УЕФА аклубтә реитинг ала, Қырҭтәыла 49-тәи аҭыԥ ааннакылоит

УЕФА аклубтә реитинг ала, Қырҭтәыла 55 тәыла рыбжьара 49-тәи аҭыԥ ааннакылоит.

УЕФА аклубтә реитинг иалахәын ақырҭуа ԥшькомандак («Динамо» Баҭым, «Динамо Қарҭ», «Торпедо» Қәҭешь, «Ибериа»), инеизакны урҭ 1250  балл еизыргеит.

УЕФА аклубтә реитинг аҿы Қырҭтәыла асиаҿ Аҩадатәи Македониа, Уельс, Беларус, Андорра, Гибралтари Сан-Маринои раԥхьа игылоуп. Қырҭтәыла аԥхьа игылоуп Кипр, Азербаиџьан, Молдова, Косово, Шәамахьтәыла, Латвиа, Исландиа, Фарерстәи адгьылбжьахақәа, Босниеи Герцеговинеи, Казахстан, Мальта, Литва, Лихтенштеин, Естониа, Черногориа, Лиуксембург.