Уажәшьҭарнахыс Ирландиа ақырҭуа арныҟәцаратә гәраргага аҧсахра ҟалоит
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Ирландиа Атранспорт аминистрреи Амҩатә аиҭаҵра ашәарҭадара амаҵзуреи арныҟәцаратә гәраргагақәа реиҭныҧсахлара амеморандум рыбжьарҵеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.
Аминистрра адыррала, амеморандум амч амоуп 2024 шықәса рашәара 25 инаркны. Амеморандум инақәыршәаны, Қырҭтәыла ма Ирландиа ауааҧсыра ирыҭоу арныҟәцаратә гәраргагақәа реиҭныҧсахлара ҟалоит еснагьтәи анхара аҭыҧ инақәыршәаны.
«Ирландиа амҩатә аиҭаҵра ашәарҭадара амаҵзура аофициалтә саит иану аинформациа инақәыршәаны, амашьына арныҟәцаразы агәраргага аиҭныҧсахларазы Ирландиа иазханаҵаз атәылақәа рсиа Қырҭтәылагьы ианырҵеит://www.rsa.ie/services/licensed-drivers/driving-licence/exchange-foreign-licence). Ирландиа ала иазхаҵоу атәылақәа ртәылауаа, дара еснагь Ирландиа инхозар (шықәсыкала 185 мшы иреиҵамкәа), арныҟәцаразы агәраргагақәа рыҧсахыр рылшоит онлан-арзаҳал ашьаҭала, ма Арныҟәцаразы агәраргагақәа рзы амилаҭтә маҵураҿы (NDLS)», — иануп адырраҿы.