Washington Post – Путин урыстәылатәи арбџьармчқәа рыла импыҵахалоу Херсонтәии Запорожиетәи атәылаҿацәқәа Украина азырхынҳәра игәы иҭамр
Washington Post – Путин урыстәылатәи арбџьармчқәа рыла импыҵахалоу Херсонтәии Запорожиетәи атәылаҿацәқәа Украина азырхынҳәра игәы иҭамр

«Путин урыстәылатәи арбџьармчқәа рыла импыҵахалоу Херсонтәии Запорожиетәи атәылаҿацәқәа Украина азыхынҳәра игәы иҭам», — аанацҳаит    Washington Post.

Washington Post ишану ала, нанҳәа  6 рзы Путин  Уиткофф даниҧылоз, иара аҳәара иқәиргылеит Киев Донбасс мап ацәнакырц, уи ацынхәрас, Путин амца аанкылареи аимак арҵаареи дақәшаҳаҭхоит ҳәа.

Аҭыжьымҭа ишану ала, убри анеҩс, Трамп Владимир Зеленскии европатәи алидерцәақәаки драцәажәеит, џьоукы ргәы иаанагеит Путин Херсонтәии Запородиетәи атәылаҿацәқәа мап рцәикызшәа.

Washington Post аинформациала, америкатә агангьы ргәы иаанагеит Путин арҭ атәылаҿацәқәа рҟынтә арбџьармчқәа ралгара дазыхиоушәа. Аха, аиашаз, Кремль импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа мап рыцәкра ргәы иҭам.

«Аксиос» адыррақәа рыла, хара имгакәа Америка ахаҭарнак ҷыда  Стив Уиткофф европатәи алидерцәа рзы аилкаақәа ҟаиҵан,  ишиҳәаз ала, Владимир Путин Запорожиеи Херсони афронт ацәаҳәаҿы аимак арҵаара мацара дазыхиоуп.