Ахәыҷтәы Евровизиаҿы Қырҭтәыла ахаҭарнак Андриа Ҧуҭқараӡе ажәбатәи аномер ианашьан, уи асценаҿ абҵара 16 рзы дықәгылоит. Аконкурс қарҭтәи аамҭала асааҭ 21:00 рзы иалагоит. To My Mom — Сан лзы — абас иахьӡуп Ахәыҷтәы Евровизиаҿы Қырҭтәыла ахаҭарнак Андриа Ҧуҭқараӡе инаигӡо ашәа.
Абжьыҭира иалагахьеит. Анлриа идгылара ишәылшоит аконкурс асаит аҿы.
Абҵара 16 рзы Мадрид имҩаԥысуа сынтәатәи аконкурс рхы аладырхәоит 17 тәылақәа рхаҭарнакцәа.
Ахәыҷтәы ашәаҳәаратә фестивль аҿы иқәгылоу атәылақәа дара-дара рномер ранашьан: Италиа, Естониа, Албаниа, Шәамахьтәыла, Кипр, Франциа, Аҩадатҩҩәи Македониа, Польша, Қырҭтәыла, Испаниа, Германтәыла, Нидерланды, Сан-Марино, Украина, Португалиа, Ирландиа, Мальта
Ашәа иҩит Гига Кухианиӡе. Атекс азы аус ицылуан Мака Давиҭаиа.
Авидеоклип иҭыхын Ауаажәларратә дырраҭараҿы. Акостиум Иза Надареишвили илтәуп.
Let’s Bloom 22-тәи ахәыҷтәы Евровизиа аслоган ауа, уи аԥшәма-тәыла ателехәаԥшра RTVE атәуп.