Уаҵәы Шәамахьтәыла ахада визитла Қырҭтәыла даҭаауеит
Уаҵәы Шәамахьтәыла ахада визитла Қырҭтәыла даҭаауеит

Уаҵәы Шәамахьтәыла ахада  Ваагн Хачатуриан аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭаауеит.

Иҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧысуеит Орбелианиаа рхан аҿы, убри ашьҭахь Хачатуриан Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили дылҧылоит.

Аплан иарбоуп ирҭбаау аформат аҿы аиҧыларагьы, анеҩс, аганқәа рхаҭарнакцәа АИХ рзы аҳәамҭақәа ҟарҵоит.

Аофициалтә визит аҳаақәа ирҭагӡаны, Шәамахьтәыла ахада Қырҭтәыла аҧыза-министри апарламент ахантәаҩи дырҧылоит.

Ваагн Хачатуриан Қырҭтәыла акзаара рзы ақәызҵаз афырхацәа рмемориал аҿы ашәҭқәа шьҭеиҵоит.