Уаҵәы, раҧхьӡа акәны Қырҭтәыла даҭаауеит Монтенегро ахада
Уаҵәы, раҧхьӡа акәны Қырҭтәыла даҭаауеит Монтенегро ахада

Ҩ-тәылак рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рҭоурых аҿы раҧхьаӡа акәны, уаҵәы аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭаауеит Монтенегро ахада Мило Джуканович.

Аҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧысуеит Орбелианиаа рхан аҿы, анеҩс, Мило Джуканович Қырҭтәыла ахада дылҧылоит.

Қырҭтәылеи Монтенегрои рхадацәа апрессазы аҳәамҭақәа ҟарҵоит.

Қырҭтәыла ахада лусмҩаҧгарҭа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Монтенегро ахада аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилигьы диҧылоит.