Иахьа Қырҭтәыла даҭаауеит Германтәыла  адәныҟатәи аусқәа рминистр  Анналена Бербок
Иахьа Қырҭтәыла даҭаауеит Германтәыла  адәныҟатәи аусқәа рминистр  Анналена Бербок

Хәажәкыра 23-24 рзы Қырҭтәыла даҭаауеит Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Анналена Бербок.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәарҭа.

«Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр  Анналена Бербок  Қырҭтәыла даҭаауеит хәажәкыра  23-24  рзы. Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, лара Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии, аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии, адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии дырҧылоит.  Иара убас, аминистр, астудентцәеи,  атәылауаҩратә уаажәларреи аоппозициеи ахаҭарнакцәеи дырҧылоит.

Аплан иарбоуп Аахыҵ Уаҧстәыла административтә аҳәаашҟа анеиреи Евроеидгыла Анаҧшратә миссиа ахаҭарнакцәа рҧылареи.

Авизит хықәкыс иамоуп ҩ-тәылак рыбжьара ишиашо аимадарақәа рышьақәыргылареи Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш азы аусеицура арҭбаареи», – иануп аинформациаҿы.