Владимир Зеленски – Украина Саудтәи Аравиаҿ Америкеи Урыстәылеи реиҿцәажәарақәа ирызкны акгьы ҳаздырӡомызт, Украина, аофициалтә Киев аҽалархәрада дара ирыдыркыло иарбанзаалак аиқәшаҳаҭрак иазханаҵом
Украина ахада Владимир Зеленски иҳәамҭала, Украина Саудтәи Аравиаҿ Америкеи Урыстәылеи имҩаҧырго аиҿцәажәарақәа ирылахәхәом, аофициалтә Киев аҽалархәрада Украина иадҳәаланы ирыдыркыло иарбанзаалак аиқәшаҳаҭрак иазхарҵом.
Зеленски иажәақәа рыла, украинатә аган «уи иазкны акгьы рыздырӡомызт… Ҳара абри аҩыза аиқәшаҳаҭрақәа иазхаҳҵом».
Иара убас, Владимир Зеленски ишазгәеиҭаз ала, жәабран 18 рзы Саудтәи Аравиаҿ имҩаҧиго авизит уаҟа Америкеи Урыстәылеи рхаҭарнакцәа имҩаҧырго аиҿцәажәарақәа ирыдҳәалам».