Владимир Зеленски - Украина еснагь Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылон, ҳара ҳаидызҳәало рацәоуп
«Абри аҩыза асас дахьқәа рыдкылара сеигәырҕьоит. Украина еснагь Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылон, Қырҭтәылагьы еснагь иҳадгылон», — иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски.
Иара ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәылеи Украинеи излеидҳәалоу рацәоуп.
«Ҳара ҳазлеидҳәалоу рацәоуп, ҳаиҩызцәоуп, ҳаизыҟазаашьақәа рҿы ааҭгыларак иҟан, аха, агәра ганы сыҟоуп уи шиасуа. Мшаҧы азы сара Қырҭтәыла ахада слацәажәеит, даҳҭаап ҳәа сгәыҕуан, аха, идырым амзызықәа рымшала абри авизит мҩаҧымсит. Хара имгакәа Қырҭтәыла ахада Украина даҭаап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Зеленски.
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр аофициалтә визитла Украина дыҟоуп.