Владимир Зеленски -  Қырҭтәылеи Украинеи, Молдовеи Евроеидгыла асистемаҿ ҳҭыԥ ҳаԥшаауеит
Владимир Зеленски - Қырҭтәылеи Украинеи, Молдовеи Евроеидгыла асистемаҿ ҳҭыԥ ҳаԥшаауеит

Сара сзы аҵак ду амоуп аби еиԥш зыҩаӡара ҳараку аиԥылара, ассоциира змоу атәылақәа реиԥылара аҽалархәра алшара ахьсымоу. Ҳара ари амҩа алаҳхит, азеиԥш хықәкы ҳамоуп, уи Евроеидгыла алалара ауп, – иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски Баҭымтәи жәларбжьаратәи аконференциаҿ “Қырҭтәыла европатәи амҩаҿ” данықәгылоз.

Владимир Зеленски иажәақәа рыла, Урыстәылатәи афедерациа исуверену атерриториақәа ааннакылоит, ари ахырхарҭала Евроеидгыла адгылара аҵак ду амоуп.

Украина ахада ишазгәеиҭаз ала, Евроеинтеграциа амҩаҿ аҵак ҷыда амоуп ԥхынҷкәын имҩаԥысран иҟоу мрагыларатә партниорра асаммит.