Владимир Зеленски – Қьырса аныҳәа ду аҧхьа Урыстәыла Украина ахырхарҭала  70 аракетақәа дәықәнаҵеит, урҭ рҟынтә  50 икаҳажьит
Владимир Зеленски – Қьырса аныҳәа ду аҧхьа Урыстәыла Украина ахырхарҭала  70 аракетақәа дәықәнаҵеит, урҭ рҟынтә  50 икаҳажьит

Украина ахада Владимир Зеленски иҳәамҭала,  Қьырса аныҳәа ду аҧхьа Урыстәыла Украина ахырхарҭала  70 аракетақәа дәықәнаҵеит, урҭ рҟынтә  50 икарыжьит.

«Урыстәылатәи амассатә аахара цыҧхьаӡа аҽазыҟаҵаразы аамҭа аҭахуп. Ари аӡбара иаалырҟьаны изрыдыркылом. Дара, заанаҵы, цқьа иазхәыцны, ахықәки, аамҭеи, арыцхәи шьақәдыргылоит», — иҳәеит  Владимир Зеленски  Telegram-канал аҿы.

Зеленского иажәақәа рыла, Владимир Путин  цасҳәа ажәыларазы Қьырса аныҳәа иалихит.

«Иаҳа игәымбылџьбароу ак жәбахьоума?  70 иреиҳаны аракетақәеи жәкы еиҳаны ақәҧаратә дронқәеи. Ҳенергетика ақәхроуп хықәкыс ирымоу. Украина алашьцара иҭадыргылар рҭахуп», — иҳәеит  Зеленски.