Владимир Зеленски -  Путин  аибашьра ахыркәшара иазкны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара иҭахымхар, Трамп, асанкциақәа шьақәыргыланы, Украина иаҭаху абџьар зегьы аиҭароуп
Владимир Зеленски -  Путин  аибашьра ахыркәшара иазкны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара иҭахымхар, Трамп, асанкциақәа шьақәыргыланы, Украина иаҭаху абџьар зегьы аиҭароуп

Украина ахада  Владимир Зеленски иҳәамҭала,   Путин  аибашьра ахыркәшара иазкны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара иҭахымхар, Трамп, асанкциақәа шьақәыргыланы, Украина иаҭаху абџьар зегьы аиҭароуп.

Украина ахада ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Давос, жәларбжьаратәи амедиахеилак ахаҭарнакцәа данырҧылоз.

Владимир Зеленски  иазҵааит: «Путин аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара дақәшаҳаҭхарц азыҳәан  Дональд Трамп иҟаиҵараны иҟои?»

«Аиашаз, Трамп асанкциақәа рхархәара илшоит. Уи шыҟаҵатәу идыруеит, иара дбизнесменуп. Ари аус аҿы дыҕәҕәоуп», — иҳәеит Зеленски.

Иара убас, Украина ахада ишиҳәаз ала, Трамп Путин иеиҳәароуп  «иара аибашьра даҟәымҵыр, Трамп Украина иаҭаху абџьар зегьы шаиҭо».

«Ҳәарада, аиадертә бџьар акәӡам сызлацәажәо», — иациҵеит  Владимир Зеленски.