Владимир Зеленски -ампыҵахалаҩцәа ргымбылџьбарақәы рыныгӡара атәы рҳәоит, мраҭәашәаратәи алидерцәа рыбжьы гаӡом, иқәыӡӡазшәа
Владимир Зеленски -ампыҵахалаҩцәа ргымбылџьбарақәы рыныгӡара атәы рҳәоит, мраҭәашәаратәи алидерцәа рыбжьы гаӡом, иқәыӡӡазшәа

Мраҭәашәаратәи алидерцәа рҟынтә бжьык ҳаҳаӡом, џьара ицәыӡит ҳәа сыҟоуп, убри аҟынтә ампыҵахалаҩцәа агәымбылџьбарара иазкны заанаҵтәи адыррақәа ҟарҵоит, – иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски.

Зеленски иажәақәа рыла, адунеитә лидерцәеи мраҭашәаратәи аполитикцәеи рҟынтә Украина арратә-ааглыхратә комплекс иаҵанакуа азауадқәа абомбақәа рыларыжьра иазкны Урыстәыла аҳәамҭазы ареакциа иҟам.

“Урыстәыла аофициалла аҳәамҭа ҟанаҵеит ҳтерриториақәа, ҳтәылахьчаратә комплексқәа абомбақәа рыларыжьра шалаго. Урҭ реиҳара асоветтә напхгараан иргылан. Уажәы урҭ аурбангә қәыԥшылара агәҭаны ауп иахьыҟоу. Уа зықьҩыла ауаа аус руеит, ааигәара анхарҭақәа рымоуп. Ари гәҭакылатәи ауаҩшьроуп. Мраҭәашәаратәи алидерцәа рҟынтә бжьык ҳаҳаӡом, џьара ицәыӡит ҳәа сыҟоуп, ампыҵахалаҩцәа агәымбылџьбарара ргәы иҭоуп,” – иҳәеит Зеленски.