Владимир Зеленски ишьақәирҕәҕәеит Украина Американтә „Абрамс“ раҧхьатәи атанкқәа шаиуз
Украина ахада Владимир Зеленски ишьақәирҕәҕәеит Украина Американтә „Абрамс“ раҧхьатәи атанкқәа шаиуз. Зеленски ари атәы иҩит „Телеграмм“ аҿы.
Зеленски иажәақәа рыла, Украина атәылахьчара аминистр Рустем Умеров америкатә танкқәа шидикылаз атәы изааицҳаит.
„„Абрамс“ Украинаҟа инагоуп, ҳбригадақәа аҽырҕәҕәаразы рҽазыҟарҵоит. Сара ҳадгылаҩцәа аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡаразы сраҭабууп. Ҳара, аҭаҵәах аизырҳаразы аиқәшаҳаҭра ҿыцқәа ҳрышьҭоуп“, –иҩит Зеленски.