Владимир Зеленски Иракли Ҕарибашвили ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Ҟрымтәи аплатформа аҽалархәреи Украина аҵакырадгьылтә акзаара адгылареи азыҳәан
Владимир Зеленски Иракли Ҕарибашвили ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Ҟрымтәи аплатформа аҽалархәреи Украина аҵакырадгьылтә акзаара адгылареи азыҳәан

Қырҭтәыла аҧызаминистр Иракли Ҕарибавшили  Украина ахада Владимир Зеленкси диҧылеит.
Аиҧылара алахәылацәа ҩ-тәылак рстаратегиатә партниорреи, аполитика-економикатә усеицуреи, жәларбжьаратәи аҽазышәарақәеи ирылацәажәеит.
Ишазгәаҭаз ала, апартниорра ҷыда инаваргыланы, Қырҭтәылеи Украинеи европатәи евроатлантикатәи структурақәа рахь аинтеграциа иазку, ирзеиҧшу ахықәкқәеи, иара убас, атәылақәа рҵакырадгьылтә акзаара иадҳәалоу ирзеиҧшу апроблемақәеи рымоуп.
Владимир Зеленски ишиәҳәаз ала, аҵыхәтәантәи амзақәа рзы Қырҭтәылеи Украинеи реизыҟазаашьақәа адинамика ҷыдеи аинтенсира дуи ала иалкаауп. Иара иажәақәа рыла, абри зегьы ҩ-тәылак рыбжьара зыҩаӡара ҳараку авизитқәа ирыбзоуроуп.
Владимир Зеленски Иракли Ҕарибашвили ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Ҟрымтәи аплатформа аҽалархәреи Украина аҵакырадгьылтә акзаара адгылареи азыҳәан.
Украина ахада даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Украина Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҵакырадгьылтә акзаареи  ишадгыло.