Владимир Зеленски иҳәамҭала, Украина ала урыстәылатәи агаз Евроеидгылашҟа атранзит аанкылара Москвазы зегьы реиҳа идуу аҵахароуп
Владимир Зеленски иҳәамҭала, Украина ала урыстәылатәи агаз Евроеидгылашҟа атранзит аанкылара Москвазы зегьы реиҳа идуу аҵахароуп.
„25 шықәса раҧхьа, Путин амчра ҳамҭаз ианирҭаз, есышықәса Украина иалсны Европаҟа ицон 130+ миллиард акубтә метр агаз, иахьазы аурыс агаз атранзит аанкылоуп. Уи Москвазы зегьы реиҳа идуу аҵахароуп. Урыстәыла зегьы реиҳа ахашәала азаазгоз аџьармыка ацәыӡит“, – иҳәеит Зеленски.
Иара убас, Украина ахада ишиҳәаз ала, уажәазы, аенергетикатә трансформациа аамҭазы зегьы реиҳа ихадоуп Молдова адгылара.
„Европатәи аполитикцәақәак рыҧсхықәкра ҳачҳароуп. Дара иаарту аенергетикатә политика ацынхәрас, Москва амафиозтә схемақәа ирылацәажәоит. Ҳара Европаҿ америкатә газ аҭаӡара аизырҳара ҳазыҧшуп, ахада Трамп ари азҵаара далацәажәахьеит“, – иҳәеит Зеленски.