Владимир Зеленски ақырҭуа аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит украинатәи амшынуаа рхақәиҭтәразы
Владимир Зеленски ақырҭуа аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит украинатәи амшынуаа рхақәиҭтәразы

 

Украина ахада Владимир Зеленски ақырҭуа аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит украинатәи амшынуаа рхақәиҭтәразы. Иара ишазгәеиҭаз ала, абри аӡбара Қырҭтәылеи Украинеи рстратегиатә партниорра иашьашәалоуп.

Украина ахада ари атәы иҩит асоциалтә аҳа «Твиттер» аҿы.

«2020 шықәса абҵара инаркны ҳара Қырҭтәыла иаанкылаз украинатәи амшынуаа рхақәиҭтәра азҵааразы аус аауан. Иахьа  ақырҭуа аган украинатәи амшынуаа иоурыжьҭит. Уи азыҳәан ҭабуп ҳәа расҳәоит. Ари аӡбара Қырҭтәылеи Украинеи рстратегиатә партниорра иашьашәалоуп, — иҩит Зеленски.

Иахьа Украина ахада Баҭымтәи жәларбжьаратәи аконференциа далахәып.