Владимир Зеленски – Ампыҵахалаҩцәа Мариуполь иазаарцаз  -  атеррор ауп иахьӡу, шәышықәсақәа рышьҭахьгьы  ауааҧсыра уи ргәаладыршәалоит
Владимир Зеленски – Ампыҵахалаҩцәа Мариуполь иазаарцаз  -  атеррор ауп иахьӡу, шәышықәсақәа рышьҭахьгьы  ауааҧсыра уи ргәаладыршәалоит

Украина ахада Владимир Зеленски иҳәамҭала, ампыҵахалаҩцәа Мариуполь иазаарцаз  –  атеррор ауп иахьӡу, шәышықәсақәа рышьҭахьгьы  ауааҧсыра уи ргәаладыршәалоит . Украина ахада ари аҳәамҭа ҟаиҵеит иахатәи авидеоааҧхьараҿы.

«Аблокада иҭагыло Мариуполь аҭоурых ианылоит арратә ацәгьауразы аҭакҧхықәра ҳасабала. Ампыҵахалаҩцәа аҭынчратә ақалақь иазаарцаз атеррор ауп иахьӡу. Украинаа  адунеи зегьы абарҭ ахҭысқәа шаҟа ирацәаны иддырдыруа аҟара ацхыраарагьы роуеит. Урыстәыла Украина иаҿагыланы шаҟа атеррор мҩаҧнаго аҟара иаҳа ицәгьоу алҵшәа аиуеит», — иҳәеит ахада Зеленски.

Ҳазну амчыбжь азы Мариуполь ақалақь ахадара анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ ишааицҳаз ала, урыстәылатәи арбџьармчқәа ржәылара амшала ақалақь аҿы еибгоу хыбракгьы аанымхеит. Ауаа руацәа анышә изарҭом: аурыс аруаа анышәынҭрақәа рҭаларҭақәа адыркит, убри аҟынтә, ауаа апарк хадаҿы еиҿкаау аешьаратә нышәынҭраҿы анышә иамардуеит.