Урыстәыла ахада Владимир Путин ишааицҳаз ала, Володимир Зеленски диԥылар дыхиоуп. Ари атәы Путин ааицҳаит ажурналистцәа данрацәажәоз.
Путин иажәақәа рыла, аиԥылараан аҵак ҷыда амоуп Украина анапхгара рлегитимациа азҵаара, избан акәзар, Украина аконституциа инақәыршәаны, аибашьра иахәамԥшыкәа, апрезиденттә зинқәа рыҿҳәара ацҵара ҟалом.
“Ҳара ҳзы аиҿцәажәарақәа маҩԥызго зегь акоуп, аха аҵыхәтәаны, адокумент рнапы аҵарҩыроуп илегитиму анапхгара рхаҭарнак”, – иҳәеит Путин.