Владимир Путин ишьақәирӷәӷәаз агуманитартә политика аконцепциа инақәыршәаны, Балтиатәи атәылақәеи Қырҭтәылеи, Молдовеи рҟны агуманитартәи акультуратәи аизыҟазаашьақәа рырҿиараан иазыԥхьагәаҭоуп аурыс бызшәала ицәажәо ауааԥсыра рзинқәа рыхьчара

Владимир Путин аҳәаанырцә Урыстәыла агуманитартә политика аконцепциа шьақәирӷәӷәеит, аконцепциа пунктк Қырҭтәыла иадҳәалоуп.

Аконцепциа инақәыршәаны, Балтиrатәи атәылақәеи Қырҭтәылеи, Молдовеи рҟны агуманитартәи акультуратәи аизыҟазаашьақәа рырҿиараан иазыԥхьагәаҭоуп аурыс бызшәала ицәажәо ауааԥсыра рзинқәа рыхьчара.

Адокумент ала, иприоритетны иаанхоит Апост-Советтә Еидгыла аҵакыраҿы акультуреи, аҭҵаарадырреи, аҵареи, аҿар рзы аполитикеи, аспорти, атуризми рхырхарҭақәа рҿы ҩганкалатәи аизыҟазаашьақәа рырҵаулара. Арҭ тәылақәа роуп – Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа реиҩызареи, Қырҭтәылеи, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа – Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи, Донецктәии Лугансктәии иазхаҵам Жәлар рреспубликақәеи.