Владимир Путин – Ҳара аҭынчра ҳадгылоит, аха америкатә коллегацәа рҟны еилҳаргаша зҵаарақәак иҟоуп
«Ҳара аибашьра аанкылара иазку ажәалагала ҳақәшаҳаҭуп, аха, уи акыраамҭалатәи аҭынчранӡа ҳнанагароуп, аибашьра иззалагаз амзызқәа зегьы иаҧыхтәуп», — иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин Беларусь ахадеи иареи реиҧылара ашьҭахь имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы.
«Зыӡбахәы ҳәоу 30 мшы рхы ишҧадырхәо? Украина амобилизациа нанагӡарц азоума? Уахь абџьар наргарц азоума? Аррахь ирго ауаа разыҟаҵара иахьӡарцаз? Мамзаргьы, абри зегьы ҟарымҵоу? Ус акәзар, зҵаарак цәырҵуеит. Ахылаҧшреи аверификациеи азҵаара ӡбашьас иарҭои? Исҳәаз зегьы шыҟамло азы гарантиақәас иҳарҭои?», — иҳәеит Путин.
«Амца аанкыларазы адҵақәа ҟазҵода?», — дҵааит Урыстәыла ахада.
Иара иажәақәа рыла, абарҭ азҵаарақәа зегьы шьаҭанкыла иҭҵаатәуп.
«Убри аҟынтә, аидеиа ахаҭа бзиоуп, ҳара уи ҳадгылоит, аха, ҳазлацәажәаша азҵаарақәа иҟоуп. Америкатә ҳпартниорцәа ҳрацәажәароуп ҳәа сгәы иаанагоит, Трампи сареи ҭелла ҳаицәажәар ҟалап», – иҳәеит Путин.