Владимир Путин Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи ҩбаны иҟоу атәылауаҩра азы Аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩит
Урыстәыла ахада Владимир Путин Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи ҩбаны иҟоу атәылауаҩра азы афедералтә закәан инапы аҵаиҩит.
Адокумент инақәыршәаны, Урыстәылеи импыҵахало Уаԥстәылеи ртәылауаа Урыстәыла атәылауаа аиуразы ртәылауаҩшәҟәқәа мап рыцәкра ирықәшәом.
Аиқәшаҳаҭра амч аиуеит аратификациатә шәҟәқәа реиҭныԥсахра ашьҭахь. Аиқәшаҳаҭры хәышықәсатәи аҿҳәара амоуп, хәышықәса рышьҭахь уи ахала ирҿыцҳоит.