Владимир Медински ишааицҳаз ала, Украина иаалырҟьаны атҟәацәеи аԥсыбаҩқәеи реиҭныԥсахлара аҿҳәара иахдырԥеит
Владимир Медински ишааицҳаз ала, Украина иаалырҟьаны атҟәацәеи аԥсыбаҩқәеи реиҭныԥсахлара аҿҳәара иахдырԥеит

Урыстәыла ахада ицхырааҩ Владимир Медински ишааицҳаз ала, Украина иаалырҟьаны атҟәацәеи аԥсыбаҩқәеи реиҭныԥсахлара аҿҳәара иахдырԥеит.

Владимир Медински ишазгәеиҭаз ала, украинатәи арратә формақәа зшәу ахаҿқәа рыԥсыбаҩқәа иҷыдоу аконтеинерқәа рҿы ирҭоуп.
Урыстәыла ахада ицхырааҩ  иазгәеиҭеит, Урыстәыла иҭахаз аруаа рыԥсыбаҩқәа Украинаҟа рыҭара ишалагаз рашәарамза 6 рзы, украинатәи аруаа 1200-ҩык рыла ишьақәгылоу актәи агәыԥ аиҭныԥсахларҭахь ишнаргаз.

Владимир Медински иазгәеиҭоит, урыстәылатәи аган Сҭампыл ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны аиҭныԥсахларатә ҭыԥ ахь ишнеиз, аха украинатәи аган ахаҭарнакцәа ишмааиз.