Витали Кличко Қырҭтәыла аиҳабыра ҭабуп ҳәа реиҳәеит  Украина агенераторқәа аҭаразы  - Ақырҭуа ҳҩызцәа рҟынтә адгылара ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп
Витали Кличко Қырҭтәыла аиҳабыра ҭабуп ҳәа реиҳәеит  Украина агенераторқәа аҭаразы  - Ақырҭуа ҳҩызцәа рҟынтә адгылара ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп

Киев ахада Қырҭтәыла аиҳабыра ҭабуп ҳәа реиҳәеит  Украина агенераторқәа аҭаразы, иара Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ашәҟәы изишьҭит. Ари аинформациа аданарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии Украина иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Гьаргь Зақаришвилии рахь идәықәҵаз ашәҟәы аҟны Витали Кличко ишазгәеиҭаз ала, Украина иаҿагыло урыстәылатәи агрессиаан ақырҭуа аҩызцәа рҟынтә адгылара дара рзы аҵакы ду амоуп.

«Ҳаҭыр зқәу аминистр, иуадаҩу аамҭазы, аӡынразы 4 генераток ҳаҭаразы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Агәра ганы ҳаҟоуп аиааира шаҳго, аибашьра ашьҭахь ҳқалақьахь ааҧхьара шәаҳҭоит», — иануп ашәҟәы аҟны.