Виола фон Крамон – Адунеи зегьы Украинеи Молдовеи иалацәажәоит, аха, Қырҭтәыла аӡәгьы далацәажәомеи, Урыстәыла ари атәыла аҵакырадгьыл 20 наӡына импыҵахаланы ишамоу аӡәгьы далацәажәом
«Адунеи зегьы Украинеи Молдовеи иалацәажәоит, аха, Қырҭтәыла аӡәгьы далацәажәомеи, Урыстәыла ари атәыла аҵакырадгьыл 20 наӡына импыҵахаланы ишамоу иалацәажәом, убри аҟынтә, абрахь ҳааны ари аҭагылазаашьа ҳахьалацәажәо бзиоуп», — илҳәеит Қарҭ имҩаҧысуа жәларбжьаратәи аконференциа «Нагӡара ақәзааит Украина» иалахәы Европарламент адепутат Виола фон Крамон ажурналистцәа данрацәажәоз.
Ажурналистцәа интересс ирыман лара адеолигархизациа иазкны лгәы иаанаго.
«Раҧхьа иргыланы, иазгәасҭар сҭахуп Қырҭтәыла агеографиатә проблемақәа шамоу, ари атәыла европатәи аконтинент иаҵанакәам, аха, уезгьы, ҧаса Қырҭтәыла абри агеографиатә дистанциа ахысра алшара аман, избанзар, ареформақәеи апрогрессивтә политикатә хырхарҭеи иҟан, ауаа Мраҭашәарашҟа рхы рхан, Евроеидгыла иашьашәаланы азакәанқәа шәрықәныҟәон, шәареи ҳареи Афганистан ҳаибашьуан. Қырҭтәыла апозициа еилкаан, убри азоуп Қырҭтәыла Евроеидгыла ишаҵанакәа аӡәгьы гәҩарас ишимамыз. Уажәы, аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟалаз ахҭысқәа рышьҭахь, аҭагылазаашьа еилкаам. Ҳара шәтәыла аҩныҵҟа аҭагылазаашьа ҳаргәамҵуеит, АИХ ахақәиҭра аҧкра, ажурналистцәа раанкылара, ҧасатәи ахада Миша Саакашвили иҭакра, уҳәа, абри зегы ҳаргәамҵуеит. Насгьы, шәара исышәҭаз азҵаара аҧара рацәа змоу уаҩҧсык имоу анырра иадҳәалоуп, иара аполитика далахәым, аха, фактла атәыла анапхгара азиуеит. Убри аҟынтә, Биӡина Иванишвили иеиҧш аҧара рацәа змоу абизнесменцәа рыҟазаареи урҭ ирымоу анырреи адемократиа иаҧырхагоуп. Аҳәынҭқарра ампыҵахалара, абасоуп ҳара ари апроцесс ҳшахәаҧшуа. Молдовагьы абри аҩызаҵәҟьа апроблема иҟоуп, ари атәылагьы адеолигархизациа ҳҭахуп, Украинагьы убасҵәҟьа иҟаҵатәуп, уаагьы апроблемақәа иҟоуп. Убри азоуп 12 абжьагарақәа рыгәа ари азҵаарагьы зыҟоу, ари азҵаарагьы ӡбатәуп», — илҳәеит Виола фон Крамон.