Вилли Саниоль жьҭааразы имҩаԥысуа Амилаҭқәа рлига аматчқәа рхы алазырхуа аспортсменцәа рыхьӡқәа иҳәеит - Қырҭтәыла аизгаҿ адебиутант дыҟоуп
Вилли Саниоль жьҭааразы имҩаԥысуа Амилаҭқәа рлига аматчқәа рхы алазырхуа аспортсменцәа рыхьӡқәа иҳәеит - Қырҭтәыла аизгаҿ адебиутант дыҟоуп

Ашьапылампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә еизга жьҭааразы иашьҭанеиуа ҩматчк Албаниеи Украинеи рҟны мҩаԥнагоит.

Вилли Саниоль арҭ аматчқәа рзы Қырҭтәыла амилаҭтә аизга иалоу 23-ҩык аспортсменцәа рыхьӡқәа иҳәеит, урҭ дреиуп «Сараево» аҿы ихәмаруа Гьаргь Гулиашвили (Боснииеи Герцеговинеи рчемпионат абомбардир.

Украинаҟны аиԥылара жьҭаара 11 рзы польшатәи ақалақь Познань аҟны мҩаԥысуеит,  Албаниаҟны – жьҭаара 14 рзы Михаил Месхи истадион аҟны.

Ақырҭуа спортсменцәа аматчқәа рзы аҽазыҟҵара Польша, жьҭаара 7 рзы иалагоит.

Амбахьчаҩцәа: Гьаргь Мамардашвили («Валенсиа», Испаниа), Гьаргь Лориа («Динамо Қарҭ», Қырҭтәыла), Лука Гугешашвили («Карабах», Азербаиджан).

Ахьчаҩцәа:  Гурам Кашиа («Словани», Словакиа), Оҭар Какабаӡе («Краковиа», Польша), Гьаргь Гвелесиани («Персеполис», Џьамтәыла), Лаша Двали («Апоель», Кипр), Лука Лочошвили («Кремонезе», Италиа), Гьаргь Гочолеишвили («Копенгаген», Даниа), Леван Шенгелиа («ОРФИ», Бырзентәыла), Саба Гогличиӡе («Эмполи», Италиа).

Абжахьчаҩцәа/ақәылаҩцәа: Отар Қитеишвили («Штурм», Австриа), Гьаргь Қочорашвили («Леванте, Испаниа»),  Сандро Алҭунашвили («Вольфсбергер», Австриа), Шоҭа Ноникашвили («Черкасы», Украина), Гьаргь Чакветаӡе («Уотфорд», Англиа),  Гьаргь Ҵитаишвили («Гранада», Испания), Зурико Давиҭашвили («Сент-Етиен»,  Франциа), Хвича Кварацхелиа («Наполи», Италиа),  Гьаргь  Гулиашвили («Сараево», Босниа Герцеговина), Буду Зивзиваӡе («Карлсруе», Германтәыла), Гьаргь Миқаутаӡе («Лион», Франциа).