Вилли Саниоль – Сара аханнатәгьы агәра згон  ари акоманда ақәҿиара ду шаиуа ала #1TVSPORT
Вилли Саниоль – Сара аханнатәгьы агәра згон  ари акоманда ақәҿиара ду шаиуа ала #1TVSPORT

Қырҭтәыла аизга азыҟаҵаҩ хада  Вилли Саниоль апресс-конференциаҿы Қырҭтәылеи Чехиеи рматч дахцәажәеит. Ари аматчаҿ Қырҭтәыла аизга 4:1 ҳәа аиааира агеит.

«Аҵыхәтәантәи хышықәса рыла амҩа ду ҳахысит, адәахьала иубарҭамыз рацәан. Сара агәра згон ари акоманда ақәҿиара ду шаиуа. Аҷкәынцәа Европа ачемпионатаҿ ихәмарит, акоманда аҳасабала ирылшо рбеит, рхы иақәгәыҕуа иҟалеит.

Раҧхьатәи  20 минуҭ  усҟаҟ изымхәмарит. Ажәылаҩцәа Хвичеи, Миқаутаӡеи, Чакветаӡеи срыҳәеит ахьчаразы рымчқәа нырымхырц, дара ибзиацәҟьаны ари адҵа нарыгӡеит. Раҧхьатәи аминуҭқәа ҳарҟәаҵыр, егьирахь, рыхәмарра ҿырҧшыган.

Европа ачемпионат ашьҭахь ахәмарҩцәа аизгашҟа ишаауа интересс исыман. Ирыдысныҳәалар сҭахуп, иаҳа еиҕьу агәалаҟазаарала иааит, ахәмарра ссир ҳдырбеит», — иҳәеит  Саниоль.

Қырҭтәыла аизга анеҩстәи аматч мҩаҧнагоит Тирана ақалақьаҿ  – цәыббра  10 рзы уаҟа Қырҭтәылеи Албаниеи реизгақәа еиҧылоит.